ООН ааԥхьара ҟанаҵеит Донбасс ауааԥсыра ацхыраара рыҭахарц

© Sputnik / Sergey Averin / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖилой дом в центре города Ясиноватая в Донецкой области, пострадавший в результате обстрела
Жилой дом в центре города Ясиноватая в Донецкой области, пострадавший в результате обстрела - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН адунеитә уаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо аҭынч уааԥсыра агуманитартә цхыраара рырҭарц.

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. ООН адунеитә уаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара иахҟьаны ауадаҩрақәа змоу Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо аҭынч уааԥсыра агуманитартә цхыраара рырҭарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Здание Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьуеит 250 миллион доллар

ООН агәҭынчымра рызцәырнагоит миллионҩыла ауаа есыҽны рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иахьҭагыло.

Украина иҟоу ООН асистема агуманитартә зҵаарақәа рзы акоординатор Оснат Лубрани ааԥхьара ҟалҵеит аимак иахҟьаны зыԥсҭазаара уадаҩу ауаа ацхыраара рыҭахарц.

"Адунеижәларбжьаратә еилазаара рахь аҳәара ҟасҵоит аграждантә уаажәларра рҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраарц, ргәаҟ-ҵәаҟра дырмариарц. Еиҭахгьы аҳәара зуеит жәларбжьаратәи агуманитартә зин аҭахрақәа ирықәныҟәазарц", — лҳәоит лара.

Акоординатор лажәақәа рыла, адунеитә уаажәларра Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо ауааԥсыра рҭахрақәа рынагӡаразы аԥаразоужьра иацырҵароуп.

2014 шықәса рзы Киев Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа ирҿагыланы абџьар шьҭнахит.

ООН адыррақәа рыла, абри аамҭа иҭагӡаны уи аҭыԥ аҿы иҭахахьеит х-нызқь инареиҳаны аҭынч уааԥсыра, жә-нызқь инареиҳаны ахәрақәа роухьеит. 3,4 миллионҩык рҟынӡа аԥсҭазааратә уадаҩрақәа рыманы иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0