Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қацәба: ацха аҽаҩра аныбзиаха, ахә иагдырхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха ааӡаҩцәа ацха аҭиразы ирымоу ауадаҩреи, урҭ зыргәамҵуа азҵаареи ртәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Баслахәтәи ашьха ааӡаҩы Вианор Қацәба.
Қацәба: ацха заҵәык ауп анхаҩы хныҟәгагас изаанхаз

"Ҳгәынамӡара зыхҟьаз уи ауп: 50 кьыла зкуа ацха афлиага, аҳәынҭқарра 12 нызқь мааҭ ахә ақәнаҵеит. Изыԥхьаӡада убас? Изыӡбада? Анкьа, амандарина ҳаман, араса ҳаман, ашәырхкқәа ҳаман, уажәы урҭ зегьы ыҟам, ацха заҵәык ауп иҳамоу хныҟәгагас. Аҭагылазаашьа уеизгьы ибааԥсуп,аиашазы. Ацха ахә ианацҵатәу аамҭазы, дара иаалаган еиҳагьы иагдырхеит. Нанҳәа 17 рзы ашьха ааӡаҩцәа ҳаигәныҩны аминистрцәа реилазаараҿы ҳнеит, ҳидыкылеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров, анаплакы "Аԥсны ацха" аиҳабы Даур Тугуш. Урҭ аиҿцәажәараҿы иазгәарҭеит: "ацха 12 нызқь мааҭ ақәаҳҵозаргьы, ишәымоу ацха зегьы ахәгьы ҳамам" ҳәа", — азгәеиҭеит Қацәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0