Небензиа ООН Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара аус аҟны ишьшьылаҳауп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Нэнси Сисель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание совета безопасности ООН в Нью-Йорке
Заседание совета безопасности ООН в Нью-Йорке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнак Васили Небензиа ООН ахантәаҩы Антониу Гутерреш даниԥыло игәҭакуп Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара азҵаара далацәажәарц.

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. ООН Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара аус аҟны ишьшьылаҳауп ҳәа ахиҳәааит ООН иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнак Васили Небензиа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьамтәылаа рыҩнқәа рхыларазы ароль ду аманы иҟоуп ООН, аиҳаракгьы ахҵәацәа рус азы Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа", — ҳәа иҳәоит иара.

Небензиа иажәақәа рыла ООН амаӡаныҟәгарҭа аҩныҵҟатә директива ииасыз ашықәс азы аус аднаулеит аполитикатә зҵаарақәа рзы адепартамент, атәыла-лахәылацәа рконсультациақәа рыда.

Васили Небензиа иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит шьамтәылатәи Идлиб аҿы аҭагылазаашьа.

"Шьамтәыла ар ахимиатә бџьар рымаӡам. Уи ахархәарагьы рыгәҭакӡам. Избанзар иахәҭаны иҟам", — иҳәеит иара.

Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игор Конашенков аҳәамҭа ҟаиҵахьан атеррористтә гәыԥқәа "Хайат Тахрир Аш-Шам" Дамаск ахара ахараҵахарц апровакациақәа еиҿнакаауеит ҳәа апровинциа Идлиб аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0