Ауаа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара ырццактәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый абхазский паспорт
Новый абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыла реиқәыршәара азҵаара иазку абрифинг.

АҞӘА, нанҳәа 31– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Апарламент аҿы азакәан "Атәылауаҩраз" ариашарақәа аналаргала ашьҭахь ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аус еиҳа иццакхеит иҳәеит абрифинг аҿы Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра апаспорттә усбарҭа аиҳабы Едуард Манаргиа.

Ариашарақәа иалдыршеит аусбарҭа апаспортқәа рыԥсахра апроцесс анапхгара армариара.

Паспорта нового образца. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы

"Атәылауаҩраз" азакәан ариашарақәа аус руеит ианрыдыркыла амш инаркны. Арахь еиҳарак иаҵанакуеит 1994 – 1998 шықәсқәа рзы ииз, аха аамҭак ала атәыла иалгаз ауаа, Аԥсны анҭыҵ аҵарахь иҟаз, аха рҵара ашьҭахь шықәсык ҵуаны ихынҳәыз, аибашьра аветеранцәа. Уаанӡатәи ҳаиқәшәараан 78 нызқь паспорт рыҭоуп ҳҳәазар, уажәазы ирыҭоуп 88 нызқь паспорт", — иҳәеит Манаргиа.

Ирацәаҩуп ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара ааныркылоит ҳәа иашшуа, аха уи апаспорттә маҵзурақәа рхарала акәым ишыҟало иҳәеит иара.

"Агәаҭара аҿҳәара мызкы инаӡоит. Апаспортқәа лассы иахьдмырхынҳәуа амзыз аилкааразы иаԥҵан апарламенттә комиссиа, Дмитри Дбар напхгара зиҭо. Ҳара акомиссиа аусура ҳацхраауеит. Апаспортқәа рыҭара аанкылара зыхҟьаны иҟаз, азакәан арҽеирақәа иахьырзыԥшыз ауп. Ҳара иаҳхарартәуан, аха ус акәым ишыҟоу", — иҳәеит иара.

Шықәсыки бжаки рыла имҩаԥысуа аусурақәа ирылагӡаны ирыдкылоуп 98 нызқь арзаҳал, адокументқәа рыԥсахразы. Урҭ рҟынтәи 88 нызқь паспорт рыҭоуп, быжь-нызқь паспорт аҭараз ихиоуп.

Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Манаргиа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы: ауааԥсыра аҭакԥхықәра иаҵагылом

Манаргиа иҳәеит раионқәак рҟны апаспортқәа рыҭара акыр ишышьшьылаҳау.

"Ауадаҩрақәа ыҟоуп Гагра араион аҿы. Акурорттә сезон иахҟьазар акәхап. Сгәы иаанагоит ашықәс нҵәаанӡа ҳадҵақәа наҳагӡап ҳәа", — иҳәеит иара.

Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара иалагеит 2016 шықәса, лаҵарамзазы.

Апаспорт атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аԥшьган 2014 шықәса рзы, уаанӡа массала аилагарақәа ахьыҟаз инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0