Мун Чже Ин: КНДРи ҳареи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц азы зыҳәарак ыҟоуп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Южной Кореи Мун Чжэ Ин
Президент Южной Кореи Мун Чжэ Ин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КНДР ахада Ким Чен Ыни Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ини еиқәышаҳаҭхеит адемилитаризациатә зона аҟынтәи ар алыргарци аҳәаахьчаратә ҭыԥ Пханмунджом аперсонал абџьар рхырхырци.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Кореиа аҭынчраз аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩхоит КНДР аденуклеаризациа ашьҭахь иҳәеит ажурналистцәа ирыҿцәажәоз Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин, Сеулҟа Пхенианынтәи даныхынҳә ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Кореиа аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит КНДР аденуклеаризациа ашьҭахь, уаанӡа аинышәаразы аиқәшаҳаҭра аус аулоит", — иҳәеит иара.

1950-1953 шықәсқәа рзтәи кореиатәи аибашьра хыркәшахеит еибашьуаз рыбжьара аинышәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0