Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи апрограмма "Анхарҭа-2021" иазыразхеит

CC0 / / Ключи в дверном замке
Ключи в дверном замке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысуеит ахәаша, цәыббра 28 рзы.

АҞӘА, цәыббра 28— Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ хықәкылатәи апрограмма "Анхарҭа-2021" ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит ҳәа аҭыԥантәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Администрация президента. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит

Апрограмма апроект аминистрцәа ирыдигалеит Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба. Иара иазгәеиҭеит адокумент уаанӡатәи аилатәараҿгьы ишахәаԥшхьаз.

"Апрограмма шықәсыбжак иназынаԥшуа аус адырулон. Иара анагӡара ҿҳәараны иамоуп: 2018-2021 шықәсқәа. Апрограммаз иахәҭоуп 90 миллион мааҭ. Ҳаззыԥшу лҵшәаны иԥхьаӡоуп Аԥсны атәылауаа нхарҭала реиқәыршәара", — иҳәеит Руслан Аџьба.

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа дазҵааит заҟаҩы абри апрограмма иаҵанакырц алшо.

Руслан Аџьба иҳәеит апроект аус шадырулоз зхала анхарҭа ззаамхәо, еиҳа зылшара ԥку ауаа ирзынарханы. Урҭ рхыԥхьаӡара ахьынӡаҟоу апрограмма аусура иалагар иубарҭахоит иҳәеит иара.

Апроект атәыла ахада изынашьҭхоит ахәаԥшразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0