Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Рита Жьиԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа шазгәаҭахо

© Sputnik / Томас ТхайцукРита Жиба
Рита Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа Тҟәарчал ақалақь аҟны ишазгәаҭахо еиҭалҳәеит араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Жьиԥҳа.

Рита Жьиԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа шазгәаҭахо
"Асааҭ ҩба рзы аџьармыкьа ахьыҟоу ахаҵәиирҭа аҟынтәи идәықәлоит "Ԥсра зқәым архәҭа". Ашколхәыҷқәа иҭахаз Тҟәарчалаа рфотосахьақәа кны амҩа ианысуеит. Ҳшааиуа Владислав Арӡынба ибаҟа аҟны ашәҭқәа шьҭаҳҵоит. Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз раллеиа аҟынгьы ишьҭаҵахоит ашәҭ шьыҵәрақәа. Асааҭ хԥа рзы Акультура ахан аҟны аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. Уи аадыртуеит Ԥачлиа ихьӡ зху акомедиатә театр актиорцәа, Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25 шықәса рхыҵра иазку ақәыргыламҭала. Аныҳәатә концерт анаҩс еиҿкаахоит акәашарақәа, ауаа рацәа злахәу аныҟәарақәа. Аусмҩаԥгатәқәа ауха асааҭ жәабанӡа иҟаларц ишьақәыргылоуп", — лҳәеит Жьиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0