Пашиниан заҵәык иакәхеит Ермантәыла аԥыза-министрс зкандидатура ықәыргылахо

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНикол Пашинян
Никол Пашинян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла инҵәеит аԥыза-министрс ҳәа акандидатурақәа рықәыргылара иазыԥҵәаз аамҭа. Уажәазы Пашиниан заҵәык иакәхеит аԥыза-министр ҳәа зкандидатура ықәыргылоу.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Никол Пашиниан заҵәык иакәхеит аԥыза-министр ҳәа зкандидатура ықәзыргылаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ермантәыла инҵәеит аԥыза-министрс ҳәа акандидатурақәа рықәыргылара иазыԥҵәаз аамҭа. Уажәазы Пашиниан заҵәык иакәхеит аԥыза-министр ҳәа зкандидатура ықәыргылоу", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Абжьыҭира мҩаԥысраны иҟоуп абҵара 1 азы.

Уаанӡа, жьҭаара 24 рзы Ермантәыла Апарламент аилатәараҿ мап ацәыркит Пашиниан икандидатура. Уи алагьы ихацыркын азакәанԥҵаратә орган аушьҭра апроцедура.

Жьҭаара 16 рзы Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан Ауаажәларратә телехәаԥшрала аҳәамҭа ҟаиҵеит инапынҵақәа шышьҭаиҵо азы.

Выборы премьер-министра Армении - Sputnik Аҧсны
Никол Пашиниан ԥхьатәара дцеит

"Сара ԥхьатәара сцоит. Алхрақәа раан зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит. Алхрақәа ламысцқьала ишымҩаԥысуаз агәра шәҳаргоит", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит апарламенттә алхрақәа рҟынӡа инапынҵақәа шынаигӡало. Ермантәыла Аконституциа инақәыршәаны, атәыла аԥыза-министр ԥхьатәара данца ашьҭахь жәиԥшьымш рыҩныҵҟа аԥыза-министр ҿыц далхтәуп. Алхрақәа ҩынтә изышьақәымгылар апарламент аилазаара аурышьҭуеит, изаамҭанытәым апарламенттә алхрақәа мҩаԥыргоит.

Пашиниан жьҭаара 2 рзы идгылаҩцәа аҿагыларатә акциа амҩаԥгарахь дрыԥхьеит иара убасгьы аминистрцәа амихит. Жьҭаара 8 рзы Пашиниан алаҳәара ҟаиҵеит апартиа "Процветающая Армения" аиҳабы Гагик Царукиани иареи ԥхынҷкәынмзазы заанаҵтәи апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы амеморандум рнапы шаҵарҩыз азы.

Мшаԥымза 13 инаркны атәылаҿ аоппозициа рықәгыларақәа мҩаԥысуан. Уаанӡа атәыла ахадас иҟаз Серж Саргсиан иҿагылон иаргьы ԥхьатәара дцар акәхеит. Лаҵарамза 8 рзы апарламент атәыла аԥыза-министрс далырхит аоппозициа ахада Пашиниан.

Ажәабжьқәа зегьы
0