Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: акәац зфо ауаҩы дрыцҳасшьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 1, аԥстәы аалыҵ зымфо, даҽакала авеганцәа ҳәа изышьҭоу ирымшны иԥхьаӡоуп. Арадио Sputnik Аԥсны астудиа дсасны даҭан 35 шықәса акәац зымфац, урҭ рахьынтә хәышәықәса акәац еиԥхыӡуаз, анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа авегетарианра иазкны

"Сара акәтәы, акәац, акәҭаӷь зфом, зны-зынла схы иаҭәасшьоит аԥсыӡи ахш-харҵәыи. 35 шықәса ҵуеит акәац сымфеижьҭеи, уи сшазнеиз аҳәара аҭахым. Аха аԥхьа ихьымӡӷьысшьон хәбаҟа шықәса акәац ԥхыӡла иахьысфоз аҟынтә. Сшәаны сааԥшуан, аха сацәцеит. Уажәы акәац зфас сааигәа данаиуа, ҩ-метрак х-метрак шыбжьо афҩы скуеит. Акәац зфо санрыхәаԥшуа ирыцҳасшьоит. Сара уи аӡәгьы идызгалом, уимоу аҩнаҭаҿгьы акәац рфоит. Уадаҩрас иҟоу акызаҵәык, сара сыфатә хазы иҟарҵоит, акҿыҩра амаҭәахәгьы хазы исымоуп. Ари ауаҩы ихала дазнеиуазароуп, дасу инаало игәы иаҭаху афатә ифоит", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0