Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кокосқьыр афорум "VISIT APSNY" иазкны: ҳусураҿы хшыҩзышьҭра зҭатәу алаҳкааит

© Foto / предоставлено Русланом КокоскирРуслан Кокосқьыр
Руслан Кокосқьыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи атуристә форум "VISIT APSNY" алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаплакы "Амилаҭтә туристә еилазаара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Кокосқьыр.
Кәакәасқьыр афорум "VISIT APSNY" иазкны: ҳусураҿы хшыҩзышьҭра зҭатәу алаҳкааит

"Афорум амҩаԥгара хра аланы сахәаԥшуеит. Арахь иаауеит атуризм аганахьала аԥышәа змоу ауаа, урҭ иҳамоу ауадаҩрақәа ртәы деилҳаркаауеит, ҳусура шырҽеитәу ҳарҳәоит. Ҳара ҳаҩныҵҟа еиҿкааны аусура шьақәҳаргылар, Ҭырқәтәылаҟа Ҟрымҟа зегьы мцар ҟалап. Уи атуризм иаҿу рымацара ирусым, ари зегьы рнапы адыркылароуп. Ашәарҭадара, асервис, агәабзиарахьчара уҳәа зегьы еидҳәалоуп. Асервис аныҟамла ҳәарада, иаауада арахь? Иара ус ашәарҭадарагьы. Аԥсабара мацарала аԥсашьаҩы арахь даҳзаагом", - ҳәа азгәеиҭеит Руслан Кокосқьыр.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0