Азенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Владислав Сергиенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Азенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеитАзенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым иахьаҵанакуа аҳауаҽацәыхьчаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 — Sputnik. Амшынеиқәатә флот аинформациатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы, аҩбатәи аҩаӡара акаԥдан Алексеи Рулев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы иаанацҳауеит азенит-ракетатә комплексқәа С-400 Ҟрым иахьаҵанакуа аҳауаҽацәыхьчаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа.

Военные учения Восток-2018 - Sputnik Аҧсны
Ҟрым ажәҩан азениттә ракетатә система С-400 ала ихьчоуп

"Ҟрым игылоу Аладатәи арратә округ ар реилазаара иатәу азенит-ракетатә комплексқәа С-400 "Триумф" аҳауаҽацәыхьчаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Рулев иажәақәа рыла аҵара-ҽазыҟаҵарақәа раан иахьгылоу араион аҿынтәи арадиолакациатә шьақәгылақәа аҽа раионк ахь риагара мҩаԥыргон. Ашьақәгылақәа аҭыԥ ҿыц ахь ианнарга ашьҭахь аҳауатә ҭагылазаашьаз адыррақәа еизганы ашьақәгылақәа аибашьратә ҟазшьа рырҭон.

Аколонна амҩасраан "аӷа" ижәылара аԥырҟәҟәааразы имҩаԥыргон азенит-ракетатә пушкатә комплексқәа "Панцирь" ҳәа иҳәоит Рулев. Аҭыԥ аԥсахраан аҽыҵәахразы ахархәара рыҭан апиротехникатә хархәагақәа.

Рулев иҳәеит ауснагӡатә хыркәшахеит ҳәа аҳауа аҟынтәи ажәылара зуз "аӷа" ихықәкқәа рышьаҽрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0