Ҭырқәтәыла Шьамтәылатәи аҳәаахь ар еиҭананашьҭит

© AFP 2023 / OMAR HAJ KADOURТурецкая армия
Турецкая армия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Шьамтәылатәи аҳәааҿ игылоу ар ргәыԥ арӷәӷәоит. Ааинформациатә хархәагақәа ари ахҭыс адырҳәалоит Ҭырқәтәыла ахада Шьамтәылатәи Манбидж аҿы шьамтәылатәи акурдцәа рҽырцәыхьчара амчқәа рҿагылара рӷәӷәатәуп ҳәа ииҳәаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23– Sputnik. Шьамтәыла апровинциа Килисахь атехника адыргалоит ҭырқәтәылатәи арратә мчрақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура DHA адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иҟоу адыррақәа рыла, аҳәаахь инеиит 100 рҟынӡа арратә машьынақәа, атанкқәа, артиллериатә шьақәгылақәа. Амаҵзура адыррақәа рыла, уахь инагоуп архәҭа ҷыдақәа. Урҭ рыбжак Ҭырқәтәыла аҵакыраҿ иааныжьуп, егьи рыбжа Шьамтәыла аҳәаа иахыгоуп.

Ар ара игылоуп 2016 шықәса рзы аоперациа "Щит Евфрата" анымҩаԥысуаз аахыс. Шьамтәылатәи Манбидж акурдцәа рнапаҵаҟа иҟоуп.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан Анкара шьамтәылатәи Манбидж аҟны шьамтәылатәи акурдцәа реиҿкаара (YPG) иаҿагыланы ақәԥара ишазыхиоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0