Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡԥҳа: Аԥсны аԥхын еиԥш, аӡынгьы узҭаар зылшо аҭыԥқәа рацәоуп

© SputnikВиктория Авидзба
Виктория Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан ҭыԥқәоу аӡын аамҭазы Аԥсны узҭаар зылшо, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аекскурсиа амҩаԥгаҩ Викториа Аҩӡԥҳа.
Аҩӡԥҳа: Аԥсны аԥхын еиԥш аӡынгьы узҭаара зылшо аҭыԥқәа рацәоуп

"Аекскурсоводс аусура саналага сара схаҭа раԥхьаӡа акәны избон ауаа ахьызгоз аҭыԥқәа, иара иахьагьы иҟоуп Аԥсны сахьымцац, исымбац рацәаны. Ҳауаажәлар, мамзаргьы ҳтәылахь ԥсшьара ҳәа иаауа асасцәа ирыбжьазгоит аӡын Риҵа абара. Уи хымԥадатәны исыԥхьаӡоит, избанзар, уа даара иԥшӡоуп. Афото бзиақәагьы алҵуеит. Амала умашьына еиқәшәазароуп, асы иламхартә еиԥш уақәгәыӷуа иҟазароуп. Иҳәатәуп, Аԥсны аӡын усҟак ишыхьшәашәарам, аԥхын узҭаар зылшо аҭыԥқәа аӡынгьы урҭаар алшоит", - ҳәа азгәалҭеит Аҩӡԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0