Ҟрым ԥхынҷкәын 31 рзы аусура иаладыргоит амҩахәҭа "Таврида"

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУльтрамарафонец начал 190-километровый забег по новой трассе "Таврида" в Крыму
Ультрамарафонец начал 190-километровый забег по новой трассе Таврида в Крыму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым аргылара иаҿуп ԥшь-цәаҳәакны иҟоу амҩаҭбаа "Таврида", иара Керчтәи аӡыбжьахала ацҳала еиманадараны иҟоуп Симферополи Севастополи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 — Sputnik. Керчнтәи Симферопольнӡа амҩахәҭа "Таврида" ала атранспорт аусура иалагоит ԥхынҷкәын 31 ауха ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Ҟрым атранспорт аминистр Сергеи Карпов.

"Аилаӡаратә хыдҵақәа инарықәыршәаны анардадаҩ хада АЕ "ВАД" аусурақәа мҩаԥнагеит ишазыԥхьагәаҭаз аиԥш. Аусура актәи аетап – Керчь, Ҟрымтәи ацҳаҟынтәи аиланхарҭа Трудовое (Симферополь) аҟынӡа – асхема 1+1 ала 190 километра рхианы иҟоуп. Автомашьынақәа рныҟәара аусутә режим иақәыршәаны ихацыркхоит ԥхынҷкәын 30-31 рзы", - иҳәеит Карпов.

Амҩа ҿыц иҟанаҵоит алшара акурорттә сезон аан иахьазы аус зуа амҩала Феодосиа араион аҟны атранспорт аныҟәара аиӷьтәра. Амҩаду аҩбатәии ахԥатәии цәаҳәақәа амшынԥшаҳәеи аиланхарҭа ҭыԥқәеи аҽарцәыхараны Белогорскнӡа инеиуеит ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Амҩаду актәи аочеред иаҵанакуа (Керчь-Симферополь) 2018 шықәса нҵәаанӡа иҟаҵахоит, аҩбатәи – (Керчь-Севастополь) —2020 шықәса анҵәамҭазы иалгоит.

Амҩаду ахышәа-ҵышәа иартәоит — 250,7 километр, аушьҭратә лшара – уахыки-ҽнаки рыла 40000 автомашьына. Анардадаҩ хада — АЕ "ВАД". "Таврида" ахәԥса нагӡа иартәоит 149,3 миллиард мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0