Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа: аруаа иазгәарҭеит ахәаҷа-маҷақәа абиологиатә бџьарны иҟалар шалшо

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаԥысуаз абиологиатә бџьар атемала асеминар аҟны излацәажәоз атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит ахҭыс иалахәыз акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа: аруаа иазгәарҭеит ахәаҷа-маҷақәа абиологиатә бџьарны иҟалар шалшо

"Ихадаз ақәгыларақәа зызкыз алабораториа Лугара ауп. Аруаа иазгәарҭон америкатәи алабораториа Қырҭтәыла аартра ахықәкы хада авирусқәа ирҿагылоу ахәшәқәа рыҟаҵара акәым, аха даҽа вируск арҿиара ауп ҳәа. Америкатәи алабораториақәа Қырҭҭәыла имҩаԥнагоу аусура атәы ииашаҵәҟьаны аилкаара уадаҩуп, убри аҟнытә урҭ ашәарҭара рыҵоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Дара зҳәааҿы иҟоу ахәынҭқарразы ааха ду рырҭар алшоит ҳәа ишьоуп. Асеминар аҿы иазгәаҭан, иаҳҳәап, амармалташьтә пты еиԥш иҟоу ахәаҷа-маҷақәа рҿиазар алшоит ус еиԥш иҟоу алабораториақәа рҿы ҳәа", - еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0