Амца зкыз атанкерқәа рҟынтә ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара иаҿуп

© Foto / Следственный комитет РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТушение пожара на танкерах в Керченском проливе
Тушение пожара на танкерах в Керченском проливе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Танзаниа абираҟ иаҵагыланы иӡсоз аӷбақәа "Канди", "Маэстро" амца ркит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы. Заанаҵы иҟаз аинформациала аӷбақәа амца ркит абылтәы ӷбак аҟынтәи аҽа ӷбак ахь ианиаргоз.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Амшынеиқәаҿ ихацдыркит амца зкыз атанкерқәа рҟынтәи хабарда ибжьаӡыз амшынуаа жәаҩык рыԥшаара. Аԥшаара иалахәуп 15 ӷбеи шхәеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уажәазы иҭырҵаахьеит 230 метр ԥшьыркца амшынтә акваториа.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, аиқәырхаратә операциа аамҭала иаанкылан ажьырныҳәа 22 ауха аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны.

Аӷбақәа "Канди", "Маэстро" макьанагьы абылра иаҿуп.

Ацхыраара лас Ҟрымтәи ацентр адиректор Сергеи Олефиренко иажәақәа рыла, атанкерқәа рҟынтәи еиқәдырхаз амшынуаа ргәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп.

Дара зегьы уажәы Керчтәи ақалақьтә хәышәәтырҭа иҭоуп. Урҭ рҟынтәи ӡәыр иҭагылазаашьа еицәахар, асанавиациа амчала Симферопольҟа ииагахоит.

Танзаниа абираҟ иаҵагыланы иӡсоз аӷбақәа "Канди", "Маэстро" амца ркит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы. Аӷбақәа рҿы иҟан 32-ҩык амшынуаа: 12-ҩык еиқәырхоуп, 10-ҩык хабарда ибжьаӡит, аҽа жәаҩык ҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0