Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа Нелли Лакоба илызкны: асценахь ацәырҵра лара лзы ианакәызаалак иԥшьоу усын

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Сабуа
Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 50 шықәса инацны амаҵ азызухьаз актриса Нелли Лакоба лзы асценахь ацәырҵра  ианакәызаалак иԥшьоу усын ҳәа азгәеиҭеит  Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.
Сабуа Нелли Лакоба илызкны: асценахь ацәырҵра лара лзы ианакәызаалак иԥшьоу усын

"Аԥсуа театр лыҩны аҵкыс пату ақәылҵон, аколлектив "сашьцәа, саҳәшьцәа" ҳәа дҳавагьежьуан. 50 шықәса инареиҳаны атеатр аҟны аус луит. "Ашьха ҭыԥҳа", "Зыхшыҩ зызрыцҳау", "Махаз" рҿы дыхәмаруан. Иҟалҵозаалак лгәы ҭыӷьӷьаа, лыԥсы ахҭынҵаны аус луан. Сгәы алаҟам иахьа, усшәа сыхәмарп ҳәа дыҟамызт. Иахьыкәзаалак, ианакәзаалакгьы лара лзы асценахь ацәырҵра иԥшьаз усын. Ус лахьынҵас илоуит, ахәыҷы, ахатә ҩыза лыманы дҟамлеит, аха лыԥсҭазаара зегьы зызкыз, насыԥс, бзиабарас, разҟыс илымаз Аԥсуа театр, аԥсуа сцена акәын. Абас гәык-ԥсыкала зус иазыҟоу даара имаҷуп", - ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

Аԥсны Жәлар рартистка Нелли Лакоба диит Лыхны ақыҭан ԥхынҷкәын 30, 1936 шықәсазы. 1968 шықәсазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт далганы аусура далагеит Аԥсуа драматә театр аҟны. 1968 шықәсазы Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу аилак ахь депутатс далхын.

2010 шықәсазы дахьыхәмаруаз аспектакль "Махаз" аҟны  Урыстәылазегьтәи атеатртә фестиваль аҿы "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" назыгӡаз ҳәа далыркааит. Нелли Лакоба "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ланашьан. Аԥсны Жәлар ратист аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит ажьырныҳәа 24 рзы Лыхны ақыҭан.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0