Аилахәыра Google 500 000 мааҭ аԥара ашәеит хараԥсак аҳасаб ала

© AFP 2023 / KAREN BLEIERЛоготип Google
Логотип Google - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роскомнадзор ԥхынҷкәын 11 2018 шықәса рзы аилахәыра ахараԥса ақәнаҵеит апортативтә информациа змоу аресурсқәа рҟынтәи ахыҵхырҭақәа аԥшааратә дыррақәа ирылхызарц азы азакәан ахьынынымыгӡоз азы.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Роскомнадзор апресс-маӡаныҟәгаҩ Вадим Ампелонски иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Google ахараԥса ашәеит. Аԥарақәа аԥхьаӡарахь инеиит", - ҳәа иҳәеит Ампелонски.

Жьҭаара 1 2018 шықәса инаркны Урыстәылатәи Афедерациаҿы азинмчра аиуит азакәан аԥшаагақәа ззин ыҟам иаку ареестр иазнеины асаитқәа рҟынтәи адыррақәа еилнаԥшааларц. Google ареестр аҽаҵанамҩит.

Google аганахь ала Роскомнадзор аԥкаанҵа шьақәнаргылеит административтә зинеилагара мҩаԥнагеит ҳәа аусҭҵаарагьы хацнаркит абҵара 26 2018 шықәса рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0