Трамп китаитәи атауарқәа абаџь рықәҵара ааникылеит

© AFP 2023 / Robyn BECKЕАА рбаӷәаза
ЕАА рбаӷәаза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 19 рзы Америкеи Китаии ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы аилацәажәара иалагеит, жәабран 21 рзы инарҭбаау аиԥыларақәа рымҩаԥгара хацдыркит.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Америка ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит китаитәи атауарқәа абаџь рықәҵара аамҭа шахиго азы. Абаџь рықәҵахараны иҟан 200 миллиард доллар рҟынӡа ззеиԥш хәыԥса наӡоз атауар. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еиҿагылара Урыстәылаз ифеидахар алшоит

Убри аан америкатәи ахада иазгәеиҭеит Пекини дареи реицәажәара акыр ԥхьаҟа ишцаз.

"Гәахәарыла исҳәар сҭахуп Америкеи Китаии ахәаахәҭра азҵаараҿы аилибакаара роуит ҳәа. Абарҭ аилацәажәарақәа инарыдҳәаланы, хәажәкыра 1 инаркны иалагалатәны иҟаз абаџь цҵа аҿҳәара снахоит", ҳәа иҩуеит иара Twitter аҿы.

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аргентина имҩаԥысуаз асаммит G20 аан Китаии ЕАА-и рхәаахәҭратә еибашьраҿы аамҭала еинышәеит. Си Цзиньпин уи аҭагылазаашьа ԥсахшьас иамоу атәы азгәеиҭеит, убри ахырхарҭалагьы аусура иалаган. Трамп ажьырныҳәа 1 акы инаркны абаџь 10% рҟынтәи 25% рҟынӡа ишеизимырҳауа атәы иҳәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0