Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абҳазоу Аԥсны апоезиа амш шазгәарҭо азы: ари культуратә хҭысуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 21 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи апоезиа амш. Амилаҭтә литератураҿы апоезиа аҵаки, уи амш аԥсуа поетцәа ишазгәарҭои ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Абҳазоу Аԥсны апоезиа амш шазгәарҭо азы: ари культуратә хҭысуп

"2011 шықәса раахыс есышықәса иазгәаҳҭо ныҳәоуп апоезиа амш. Апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, иара ус апоетцәа ҿарацәа, ашколхәыҷқәа уҳәа алаҳархәуеит. Иара акырџьара имҩаԥаагахьеит, ААУ аҿы, афилармониаҿы, Ҷлоу ақыҭан, аԥсуа школқәа рҿы. Сынтәа иазгәаҳҭоит амилаҭтә библиотекаҿы. Апоезиа ахәылԥаз ахь ааԥхьара раҳҭоит астудентцәа, апоезиа иазҿлымҳау, зҩымҭақәа акьыԥхь аҿы ицәырҵхьоу. Ари даара иаҭаху культуратә хҭысуп, ҳаргьы агәахәара ҳнаҭоит уи амҩаԥгара. Алитература аҿиараҿы, аҿар реиҵааӡараҿы - даара хәарҭара аланы иаабоит аиԥш зеиԥшу аныҳәақәа рымҩаԥгара", - азгәеиҭеит Абҳазоу.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0