"Атерминаторқәа" Аԥсны ашьхареи амшынԥшаҳәеи рҟны "аӷа" дҭадырхеит

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа имҩаԥыргоз атактикатә зыҟаҵарақәа
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа имҩаԥыргоз атактикатә зыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ имҩаԥнагоз атактикатә зыҟаҵарақәа ирылахәын 1500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа имҩаԥыргоз атактикатә зыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ашьхара иахьаԥнуи амшынԥшаҳәаҿи итәаз "аӷа" ируаа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы аполковник Вадим Астафьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

Урыстәылатәи аруаа инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа "Ҵабал", "Нагвалоу" рҿы.

"Раԥхьаӡа акәны аеромобилтә гәыԥқәа арратә авиациа авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор" рыла "аӷа" иобиектқәа ирылахысуан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 400 рҟынӡа арратә техника: ҳаамҭазтәи атанкқәа Т-72Б3, аимадараз акоманда-штабтә машьынақәа "Кушетка" уҳәа реиԥш иҟоу алаҵаны.

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны "аӷа" иминақәа ыҵырхит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0