Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Возба Москва имҩаԥысуа аҟазаратә еицлабразы: амҽхак ҭбаауп

© Sputnik / Томас Тхайцукансамбль "Иааирума" асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба
ансамбль Иааирума асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Иааирума" асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Москва аицлабрахь иргаз акәашарақәа ртәы.
Возба Москва имҩаԥысуа аҟазаратә аицлабразы: амҽхак ҭбаауп

""Москва верит талантам" ҳәа хьӡыс измоу аконкурс-фестиваль ҳалахәуп. Аӡбаҩцәа идҳарбараны ҳаҟоуп быжькәашарак, урҭ рахьынтә иҟоуп ҿыц иқәыргылоуагьы. Зынӡа афестиваль иалахәуп зықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Ари даара зымҽхак ҭбаау еицлаброуп. Уаха имҩаԥысран иҟоуп агала-концертгьы, уаҟа еилкаахоит аицлабраҿы аиааира згаз. Ҳхәыҷқәа азыҟаҵоуп, ҳгәалаҟазаара бзиоуп, Анцәа ишыиҳәара ҳаҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Возба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0