Жәкәаратәи аиҩхааҟны агәалашәаратә ӷәы шьақәыргылахоит

© Foto / Саида Жиба архив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра, Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Жәкәаратәи аиҩхааҟны ишьны ирблыз ргәалашәара ахьӡала аӷәы шьақәыргылахоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз, ақырҭцәа иҭҟәаны иргаз гәыԥҩык аԥсуаа шьны иахьырблыз Жәкәаратәи аиҩхааҟны, ауаажәларра иаадырԥшыз агәаҳәарала, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи ргәы иҭоуп араҟа агәалашәаратә ӷәы ашьақәыргылара.

Абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы - Sputnik Аҧсны
Абиԥарақәа рахь ааԥхьара: аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы

"Иахьазы, Жәкәаратәи аиҩхааҟны иҭадырхаз ҳәа хә-жәлак роуп иаҳдыруа, урҭ иреиуоуп Гәынба, Ҳалуашь, Ақырҭаа, Пасаниа, Адлеиба. Ауаажәлар рахь аҳәара ҟасҵоит, аӡәыр ихарҭәаау аинформациа имазар адырра ҳарҭарц. Ари аҭыԥ аҟны ишьны, ирблыз ргәалашәара ҳарӡӡом, ирзеиԥшу, рыхьӡқәа, рыжәлақәа зҳәо аӷәы ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Жәкәаратәи аиҩхаа абжьаларҭаҟны инхо Николаи Губарев иблала ибон, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, гәыԥҩык аԥсуаа ааганы, ишьны, рыԥсыбаҩ абылтәы ақәҭәаны ишырбылуаз. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, игәы иазымчҳакәа дара рашьҭахь днеины аԥсцәа анышә иамеидон.

© Foto / Саида Жиба Николай Губарев
Жәкәаратәи аиҩхааҟны агәалашәаратә ӷәы шьақәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Николай Губарев

"Амла ҳамкырц азы, Жәкәаратәи аӡиас аҟны аамҭа-аамҭала сыҽӡаны аԥсыӡ склон. Ҽнак, ашьҭыбжь цәгьақәа ансаҳа, аҵла жәпақәа сыҽрывакуа рааигәа саннеи, избеит издыруаз аԥсуа хаҵа Аркади Пасаниа ақырҭцәа дрыманы ишааз. Раԥхьа иԥҟара иалагеит, нас автоматла еихсит, уи азымхозшәа иԥсыбаҩ рблит", - игәалашәоит абырг.

Николаи Губарев инапала быжьҩык аԥсуаа анышә иамеидеит, рыԥсыбаҩ аԥсабара иаламӡарц азы.

Усҟан, аӷацәа абырг иӡбахә анраҳа дҭадырхарц рҽазыршәоит, аха иара иидыруаз амилициаҿы аус зуоз қырҭуак маӡала игәы иҽаниҵоит аҟнытә, илшоит иҽӡаны ацара.

Гагра араион ахы ианақәиҭха, Николаи аԥсцәа рыҵхраҿы аҭынхацәа дрыцхраауан.

Иазгәаҭатәуп, ари ахҭыс лгәабзиара аԥырхага шанаҭаз Николаи Губарев иԥшәмаԥҳәыс Евдокиа Прокофи-иԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡагьы иахааныз аԥҳәыс, ари ахлымӡаах даналаԥша лыхшыҩ еилагеит, лара иахьа уажәраанӡагьы Урыстәыла ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

Гагра араион анапхгареи, адепутатцәеи Жәкәаратәи аиҩхааҟны агәалашәаратә ӷәы ахьышьақәдыргылаша аҭыԥ алԥшааразы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0