Пицунда аԥшаҳәаҿы зыԥсыбаҩ рыԥшааз ахаҵа ихаҭара шьақәыргылоуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмшын цәқәырԥоит
Амшын цәқәырԥоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 9 рзы Пицунда аԥшаҳәаҿы амшын ацәқәырԥара ӷәӷәа ашьҭахь зыԥсыбаҩ рыԥшааз ахаҵа ихаҭара шьақәыргылоуп.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 9 рзы Пицунда ааигәара зыԥсыбаҩ рыԥшааз ахаҵа ихаҭара шьақәыргылоуп, уи Геннади Осипов иоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны апрокурор хада ауаажәларра рнырразы ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Иаха Геннади Осипов иашьа амилициа рахь днеины еиҭеиҳәеит иашьа дшыӡыз. Иахьа ашьыжь амшын аԥшаҳәаҿы Осипов игәраргагашәҟәы аабеит. Иашьа иҳаиҭаз адыррақәеи иареи анеиҿҳарԥш, иара шиакәыз шьақәҳаргылеит", - иҳәеит иара.

Геннади Осипов 1951 шықәса рзы Москватәи аобласт аҿы диит. Аишьцәа ԥшьымш ҵуан Пицунда рыԥсы ршьоижьҭеи.

"Осипов аӡсашьа бзианы идыруан, аха уи аҽны ацәқәырԥақәа акыр идуун", - иҳәоит Аԥсны апрокурор хада ауаажәларра рнырразы ицхырааҩ Даур Амҷба.

Уажәтәи аамҭазы иалацәажәоит аԥсыбаҩ Осипов дахьынхоз ахь аиагара азҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0