Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолокәуа ацәгьоурақәа рҿагыларазы: иаҭахуп агәаӷьра

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Ҷолокәуа
Алхас Ҷолокәуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшома атәыла аминистрцәа рыԥсахрала Аԥсны ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьа аԥсахра, абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аҿы адырраҭара Коӷониаԥҳа лымҩаду асас, ажурналист Алхас Ҷолокәуа.

"Ацәгьоурақәа рҿагыларазы зегь раԥхьа иргылан аҳәынҭқарра аганахьала иаарԥштәуп агәаӷьра. Аҳәынҭқарраҿы азакәан аԥыжәара амазароуп, амилаҭтә ҵасқәа бзиоуп ҳәарада, аха аԥхьа игылазароуп азакәан, уи аҽаԥхьа зегь еиҟаразароуп. Аҳәынҭқарра амаҵзурахьы инагатәуп еилых ҟамҵакәа зус бзианы здыруа аспециалистцәа. Абарҭ зегь анеицыла, шықәсык аҩнуҵҟа ажәлар ирбартә еиԥш аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 300-ҩык инарзынаԥшуа абҵара 22 рзы иршьыз Алхас Аҩӡбеи Асҭамур Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла ауааԥсыра. Еизаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра дҵас иҟарҵеит. Абри ашьҭахь дара Апарламент ахыбрахь инеит.

Иҟаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы Гарри Аршба имаҵура дамхын. Иара убас рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов, Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0