Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус Апрокуатура хадахь иргьыжьуп

© SputnikСуд по делу Хаджарата Тарсман, обвиняемого в ДТП в котором погиб премьер-министр Абхазии Геннадий Гагулия
Суд по делу Хаджарата Тарсман, обвиняемого в ДТП в котором погиб премьер-министр Абхазии Геннадий Гагулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаџьараҭ Ҭарсман ахара идҵоуп "Машәырла ауаҩы иҭахара зыхҟьаз амҩатә ныҟәара аԥҟаррақәа реилагаразы" ахәҭаҷ ала.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27– Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара ихароуп ҳәа иаанкылоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус Апрокуатура хадахь иргьыжьуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Заседание сухумского городского суда по делу Хаджарата Тарсмана, арестованного по факту ДТП, в результате которого погиб премьер Абхазии Геннадий Гагулия - Sputnik Аҧсны
Аԥыза-министр иҭахара иадҳәаланы иаанкылаз ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

"Изаамҭанытәиу аӡбаратә еилатәараан ахара зду ахаҿы анаркологиатә маҭәашьар ишьа иалоу иаламу шьақәзыргылоз аексперт иҿахәы иҿыхын. Абри ашьҭахь аӡбаҩ Борис Аргәын иӡбеит аус Апрокуратура хадахь ирхынҳәырц, ацәгьоура еиҳа ирӷәӷәоу аҟазшьа аҭазарц", - азгәарҭеит Апрокуратура хадаҿ.

Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭеит аексперт Ҭарсман амҩатә машәыр аан анаркотикатә маҭәашьар (амарихуана) идкыланы дыҟан ҳәа.

Иара Ҭарсман иакәзар, уи мап ацәикуеит.

Ахьчаҩцәа рган азин рымоуп Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа аӡбра 15 усутә мшы рыҩныҵҟа иахашшаарц. Ахашшара ҟаҵамхар аус Апрокуратура хадахьы инарышьҭуеит.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит амҩатә машәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, асааҭ 23:10 рзы.

Ареспубликатә трасса 47-тәи акилометр, Блабырхәа ақыҭа ааигәара Аԥсны атәылауаҩ Ҳаџьараҭ Ҭарсман имашьынеи, аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьынеи "Toyota Camry" иасит. Амашьынаҿ дыҟан иара убасгьы аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩ Алхас Џьениа.

Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭаз автомашьына "Toyota Camry" ажра иҭаҳаит.

Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Иҟалаз инадҳәаланы ашьаус хацыркын. Ҭарсман даанкылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0