Аоптимизациа ахьымҩаԥырымгац аусбарҭақәа рбиуџьет 15% иагдырхар ҟалоит

© Sputnik Роберт ДжопуаАоптимизациа ахьымҩаԥырымгац аусбарҭақәа рбиуџьет 15% иагдырхар ҟалоит
Аоптимизациа ахьымҩаԥырымгац аусбарҭақәа рбиуџьет 15% иагдырхар ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса жьҭаара 28 рзы атәыла аиҳабыра анапынҵа рыҭан аҳәынҭқарратә напхгараҭатә усбарҭақәа раппаратқәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15% рыла еиҵатәызарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аминистрцәа Реилазаара аусбарҭақәа рҟны аоптимизациа ахьымҩаԥырымгац рбиуџьет 15% иагырхахоит. Абри аҩыза ажәадгала ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәа раппаратқәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аоптимизациа шырзутәыз, аха аусбарҭақәа зегьы уи шынармыгӡаз. Нанба иҳәеит аҿҳәара ишахыԥахьоугьы иҟоуҵар шеиӷьу, иҟаумҵар аасҭа.

2019 шықәса жьҭаара 28 рзы уаанӡатәи Аԥсны ахада атәыла аиҳабыра анапынҵа риҭеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәа раппаратқәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15% рыла еиҵатәызарц 2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.

Аԥыза-министр Валери Бганба абҵара 12 рзы абри аус аганахьала инапы аҵеиҩит аусдҵа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0