Шәача амшцәгьа иахҟьаны аҳаирпланқәа зымтәеит

CC0 / / Шәача амшцәгьа иахҟьаны аҳаирпланқәа зымтәеит
Шәача амшцәгьа иахҟьаны аҳаирпланқәа зымтәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кремльнтәи аофициалтә делегациеи ажурналистцәеи зҭаз аԥырратә отриад "Россия" иатәыз аҳаирплан амшцәгьа иахҟьаны абаӷәазаҿ изымтәеит.

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Шәача амшцәгьа иахҟьаны аҳаирпланқәа зтәом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абас ала аҳаирбаӷәазаҿ ирызмыртәеит белоруссиатәи рколлегацәа ирԥылараны иҟаз Кремльнтәи аофициалтә делегациеи ажурналистцәеи зҭаз аԥырратә отриад "Россия" иатәыз аҳаирплангьы. Иара Минеральные Воды абаӷәазахь инашьҭын.

Уи адагьы москватәи авиаеилахәыра "Аэрофлот" иатәыз аҳаирплан Краснодарҟа ишьҭын. Москвантәии Новосибирскынтәии Шәачаҟа иаауаз аҳаирпланқәагьы аԥшаӷьыра еиқәтәап ҳәа иԥшуп ҳәа еиҭеиҳәоит аҳаиртә баӷәаза ахаҭарнак.

Абри амчыбжь азы Шәача амш акыр аҽарбааԥсит. Ашьхарахь ақәаршҩи аси леиуеит. Аӡиасқәа рҟны аӡқәа шьҭыҵны иҟоуп.

Амшцәгьа иахҟьаны Шәачатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза амаҵзурақәа аҭагылазаашьа бааԥсқәа рҽырзыҟаҵаны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0