Абиолог COVID-19 ахҟьаԥҟьақәа ртәы дрылацәажәеит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКапельницы
Капельницы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы адунеи зегь аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 1,9 миллионҩык COVID-19 змоу, 123 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Акоронавирус чымазара хьанҭаны изхызгаз ауаа рҟны амедикцәа иазгәарҭоит рыхшыҩ аусура аицәахара, ррыԥҳақәа ршәагаа аиҵахара. Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Џьорџь Меисон Иуниверситет Асистематә биологиа ашкол (ЕАА) апрофессор Анча Баранова.

"Иқәыԥшу уажәшьҭарнахыс амарафон изахысуам, ибыргу амардуан ианхало аԥсеивҵахара роулоит. Асеиԥш рыхьлоит авирус хьанҭаны излаҽыз", - лҳәоит Баранова.

Уи адагьы ицәырҵыр алшоит аневрологиатә еилагарақәа. Ибыргу ауаа ргәалашәарақәа еилахәо иалагар ҟалоит.

"Авирус анеиронқәа рыхьҭалалара шцәырнаго гәыҩбарада иаадыруеит. Ахәышәтәырҭақәа ирҭыҵыз ауаа ирҳәоит ахыхь шрымоу, лассы-лассы ишааԥсо", - азгәалҭоит лара.

Агәабзиарахьчаразы адунеитә еиҿкаара адыррақәа рыла, иахьазы адунеи зегь аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 1,9 миллионҩык COVID-19 змоу, 123 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0