Сынтәа ашьхарахь илеиз асы ааԥын Гәылрыԥшь араион анхацәа аԥхасҭа рнаҭар алшоит. Хәажәкыра 20 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Кәыдры аӡышьҭра аҭагылазаашьа еиликаарц араион даҭааит. Иара аҟазауаа рнапы ианиҵеит азҵаара ҭырҵаарц, ауаа аӡы рыҵамларазы ауснагӡатәқәа ирызхәыцырц.
"Кәыдры аӡиас акразы, ауаа ирԥырхагымхартә еиԥш аҟаҵаразы аусурақәа мҩаԥган. Уаанӡа ашәарҭара ыҟан, акәша-мыкәша инхо ауаа ирԥырхагахоит ҳәа, убри аҟнытә 11 мшы инарылагӡаны уахгьы-ҽынгьы аус руан. Аӡиас ахьцоз ҿыцны ижны, метрак аҟара ҵаҟа аҵаулара аҭаны, метрак аҭбаара, хәышә-метра амшын аҟынӡа аиҵыхра аҭаны, иҟарҵеит. Аӡы дырԥеит, ауааԥсыра ирԥырхагамхарцаз. Иара аԥшаҳәа акәзаргьы, аихаԥса ҿыц ҟаҵаны, уигьы хәышә метра аура аҭаны аԥшаҳәа дырӷәӷәеит. Уажәшьҭа ԥырхага ҟанаҵап ҳәа сгәы иаанагом, даара анхацәа ракәзаргьы, даара еигәырӷьеит", - еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Џьапуа Кәыдры ааԥын аҭра аҭыҵразы: ашәарҭара ыҟоуп
-
Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рқыҭақәак рҿы аӡхыҵра ҟалар ауеит