Аԥсны араионқәа рҟны афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шцац ицоит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач в Красноярском крае
Линии электропередач в Красноярском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26-27 ауыха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, уи иахҟьаны зымчхара ҳараку афымцацәаҳәа "Бзыбь-220" ашьаҟақәа ааха роуит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа амшцәгьа афымцацәаҳәақәа ирнаҭаз аԥхасҭа аԥыхразы аусурақәа мҩаԥыргоит Очамчыреи, Аҟәеи, Гәдоуҭеи араионқәа рҟны, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа Facebook адаҟьа.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан, Аҟәа араион Гәымсҭеи Иашҭхәеи ақыҭақәа, Гәдоуҭа араион Хыԥсҭеи, Жәандәрыԥшьи ақыҭақәа рҟны, иара убас "Дружба" ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭа аҟны.

"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура аҟны ишырҳәаз ала, арҭ араионқәа рҟны афымцамч ауааԥсыра ирыҭоуп иҷыдоу асхема ала. Егьырҭ ахәҭақәа лашарада иҟоуп, аха аусурақәа аамҭа рацәа рҭаххом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0