Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабуа еиҭеиҳәеит аиқәырхаҩцәа разыҟаҵара шцо

© Sputnik / Илона ХварцкияТенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Амшын аҟны ахымҩаӷашьеи, иӡааҟәрыло реиқәырхареи рзы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҟны иазыҟарҵоит. Абри атәы арадио Sputnik Аефир аҟны еиҭеиҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Сабуа еиҭеиҳәеит аиқәырхаҩцәа разыҟаҵара шцо

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапхгара ражәақәа рыла, аминистрра аусзуҩцәа дарбанзаалак иаҭахны иҟалар аӡы иаго ицхраашьа идыруазароуп, избанзар ус еиԥш ахҭысқәа ҟалалоит. Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, урҭ ахҭысқәа ашәарҭара ду рыцуп иӡааҟәрыло рзы еиԥш ацхыраара ҟазҵо рзгьы. Убри аҟынтә акырӡа аҵанакуеит аԥҟарақәа, ахымҩаԥгашьа иаша аӡаҟны аарԥшра, иӡааҟәрыло ушицхраауа уԥсҭазаара ашәарҭара ду иҭаумыргыларц. Убасгьы аиқәырхаратә маругақәа рхархәашьеи аԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵашьеи рдырра хымԥадатәиуп. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҟәшақәа зегьы рҟны.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0