Очамчыра араион аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан ԥхынгәы 31, 00:44 сааҭ рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Очамчыра араион Араду ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы иԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, амашьына Мерседес аԥсҟы зкызи, хҩык апассаџьырцәеи амҩа аҿықә аҟны игылаз аҵла иасит.

Амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра аныҟала ашьҭахь иаразнак аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь инеит. Амашьына ауаа ҭыргеит. Аӡәы иԥсҭазаара далҵит, хҩык еиқәхеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0