Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи агоспиталь ачымазаҩ иԥсра далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Бутба
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 11 азы Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ, 1957 шықәсазы ииз иԥсҭазаара далҵит афымцалашара аиҭаԥара иахҟьаны.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Зыԥсҭазаара иалҵыз Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ СИПАП-терапиа дахысуан, ирыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭадырсуан, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Уаанӡа адырра ҟарҵахьан алашара аиҭаԥара ИВЛ аппаратқәа ареанимациа аҟәшақәа ҩ-палатак рҿы русура шеиԥнаҟьаз. Абри инадҳәаланы Апарламент адепутат, Акоординациатә штаб алахәыла Илиа Гәниа азҵаара ҟаиҵеит ИВЛ-аппаратқәа еиԥҟьарада афымцалашара роуазма ҳәа.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы пациентк иԥсҭазаара далҵит арԥҳақәа аҳауарҭарсга аҿыҵра иахҟьаны
Едуард Быҭәба иҳәеит ачымазцәа ИВЛ акәымкәа СИПАП-терапиа иахысуан ҳәа.
Аппаратқәа еиԥҟьарада шықәсыки бжаки аус руеит, иҳәеит аминистр.
"Даргьы ҿҳәарак рымазар акәхап. Уи атәы здыруа аусбарҭақәа алкаа ҟарҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аминистр иажәақәа рыла уажәы аусҭҵаараԥхьатә гәаҭара мҩаԥысуеит, аҟазауаа аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны алкаақәа ҟарҵоит.
"Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы афымцеиҭаԥара иахҟьаны ареанимациа аҟәшақәа ҩ-палатак рҿы алашара ыцәеит. Аппаратқәа амашәыртә усурахь ииасит. Ари амедусуҩцәа ишырбоз иҟалеит. Иаразнак ареанимациатә уснагӡатәқәа ирылаган. Аха ачымазцәа руаӡәк иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Едуард Быҭәба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит иацы аицәажәара шрымаз Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩи, Гәдоуҭа апрокурори, ахәшәтәырҭа аҳақьым хадеи, анхамҩатә маҵзурақәа русзуҩцәеи иареи.
"Аҭагылазаашьаз атәыла аиҳабыра адырра рыҭан. Уажәы аусҭҵаараԥхьатә гәаҭара мҩаԥысуеит, аҟазауаа аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны алкаақәа ҟарҵоит, заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥысуеит", - иҳәеит аминистр.
Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы ишьҭоуп 150-ҩык ачымазҩцәа, урҭ рҟынтәи 30-ҩык рҭагылазаашьа шәарҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0