Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьниа Урыстәыла академиа иалаларазы: досу ҳкультуразы иҳалшо ҟаҳҵар, акраҵанакуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩхеит Урыстәыла асахьатыхыҩцәа ракадемиа иалахәылахаз. Ари шыҟалаз, лшарас инаҭо атәы еиҭеиҳәеит аҟаза арадио Sputnik аефир аҟны.
Џьниа Урыстәыла академиа иалаҵаразы: досу ҳкультуразы иҳалшо ҳҟаҵар, акраҵанакуеит
Аԥсны акультура аминистрраҟны нанҳәа 9 рзы Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа академик Сергеи Олешниа аԥсуа скульптор Витали Џьниа Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа академик ҳәа ахьӡ ихҵоуп ҳәа инапы иаиркит "Академиа аҳаҭыртә лахәыла" идиплом, Урыстәыла Асахьаҭыхратә академиа ахада, апрезидиум аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Олег Кошкин инапы аҵаҩны.
"Лада Урыстәыла имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа срылахәын есышықәса, даԥсоуп ҳәа амедал санаршьахьан 2010 шықәсазы, шықәсқәак раԥхьа сыӡбахә ҳәан академиа алахәылас сыҟаҵаразы… Уажәшьҭа азин сымоуп ҳаԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Урыстәыла академиа ралаҵаразы. Ладатәи Афедералтә университет ахь ҳҿарацәа рышьҭразы алшарагьы ҳаурц ҳаицәажәеит. Убасгьы агәра сгоит сҩызцәа академикцәа шыҟало. Зегьы иаҳҭахуп ҳҟазара хәыҷык иадҳәалоу иҵекгьы инеиҵыхны ауаа ирбарц, ираҳарц, ҳаҩныҵаҟа акәымкәа анҭыҵгьы иаӡбо рацәоуп. Ари ҳдоуҳауп, ҳкультуроуп, досу илшо дмаашьакәа ианыҟаиҵо, акраҵанакуеит ҳәа сыԥхьаӡоит", - иҳәеит Џьниа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0