Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит иааныркыло рганахьала азакәанеилагара иахылҿиаауа арыцҳарақәа ртәы

© Sputnik / Марианна Кубрава Арифа Ардзынба
Арифа Ардзынба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы, адукат Арифа Аӡынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ацәгьа ҟаиҵеит ҳәа ауаҩы иаанкылараан азакәанеилагара иахылҿиаауа арыцҳареи, лыпрактикаҿы дзыниахьоу ахҭысқәеи.
Аӡынԥҳа иааныркыло рганахьала азакәанеилагара иахылҿиаауа арыцҳаразы: ауаа ашшуам
"Ари аҩыза азҵаарақәа ирылацәажәоижьҭеи акыр ҵуеит, сыпрактикаҿгьы ус ҟалахьеит. Иазгәасҭар сҭахуп, ус еиԥш ианиахьоу ауаа ашшыԥхьыӡқәа шаларымҵо. Ҳара ҳахьрыхәаԥшуа иаҳбозар ус еиԥш ахҭысқәа шыҟоу, дара алацәажәаӡом, уи зыхҟьо ҳажәлар рҟазшьа акәзаргьы ҟалоит, иҳахьчо ауааԥсыра адәахьтәи закәанқәак ирықәныҟәозар алшоит, мамзаргьы ишәозар ауеит. Ахҭыс аныҟалалак, аинтернет аҟны иналацәажәоит мышқәак, нас ирхашҭуеит. Иҟалахьеит сара сыхәҭакахьала ашшыԥхьыӡ Апрокуратура хадахьы ианаласҵахьаз. Зганахьала амч аадырԥшыз ауаҩы дыргоит аексперт иахь, амедицинатә гәаҭараан иазҵаауеит иҟалаз шыҟалаз ҳәа, ааха зауз иҳәоит аӡәгьы димԥҟеит ҳәа, мап икуеит. Ҳзакәан инақәыршәаны, ааха зауз ахаҿы ииҭахымкәа сара ашшыԥхьыӡ сзыҩуам. Амилициа аусзуҩцәа ацәгьоуҩы иганахьала амч рхы иадырхәар ауеит данааныркыло, дыргәыдлар, амч ааирԥшыр. Ауаҩы иҿахәы аниҿырхуа, хатәгәаԥхарала иҳәар ауп иҟаз шыҟаз, азакәан дацымныҟәар, уи иаанагазом дыԥҟатәуп, мамзаргьы даҽакы изутәуп ҳәа", - лҳәеит Аӡынԥҳа.
Инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0