Лахьԥыракыс иаԥҵоу амш…

© Sputnikабхазские детские книги
абхазские детские книги - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 - Аԥсуа бызшәа иамшуп. Абри инамаданы аԥсуа хәыҷтәы литература аҭагылазаашьа дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Лахьԥыракыс иаԥҵоу амш…
Асовет еидгыла ахаан, ашәҟәы аҭыжьреи аԥхьареи акыр игәцаракызаргьы, сахьала иҩычоу аԥсуа хәыҷтәы литературазы ҳмаџьанан, еиҳа ииашахоит зынӡа иуԥыхьашәомызт аҳәара. Сара исгәалашәоит ҳаҩны абиблиотекаҿы иҳамаз "Аԥсуа лакәқәа" атекстқәа рыда ахәыҷы илаԥш зыдхалашаз акгьы шацымыз.
Выпускной - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2018
Сара схаан имодан ибзианы аҵара аҵара
Усҟантәи аамҭазы ҳара ҳааигәара иҟан алакәқәа ҳзеиҭазҳәоз ҳандуцәа. Убри аҟынтә, схәыҷра ашықәсқәа зырбеиоз ажәабжьқәеи, алакәқәеи, ацуфарақәеи уҳәа, ҿырҳәалатәи аҟазшьа акәын ирымаз, урҭ зегь еиҳарак санду лҳәамҭақәа ракәын. Маҷк саныҩеидас, аԥхьашьеи аҩышьеи анысҵа, асахьақәа зцны ҳаҩны избоз ашәҟәқәа иреиуан "Аихатәы мҿыԥҟаҩы" (Железный дровосек). Уи урысшәала иҩын, ишысгәалашәо ала, даҟьацыԥхьаӡа асахьа ԥшӡақәа анын. Аурысшәагьы бзиа издыруа сыҟамызт, аха сахьала иҩычаз алакә саԥхьон, сеиҭаԥхьон, асахьақәа рыла аҵакы анеилыскаауазгьы ыҟан. Ашьҭахь, сзыԥхьаз сан ԥсышәала илзеиҭасҳәон, соурысшәа азхомызт азын. Ганкахьала, аԥсшәа ашьҭкааразы урҭ сеиҭагарақәа акыр исыхәаз џьысшьоит.
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2017
Ахатәы бызшәазы аӷарра
Ажәакала, урысшәала иҭыжьыз ахәыҷтәы литература сахьала аиқәыршәара усҟангьы игәцаракын. Ус акәзаргьы, аԥсуа хәыҷтәы литература аԥштәы аганахь ихьысҳан, Таиф Аџьба ихәыҷтәы ҩымҭақәа реизга "Ашәҭқәа рыччаԥшь" ҿырԥштәыс иаазгозар, ацәа иану асахьа мацара акәын ԥштәыла иҩычаз, усҟан даҽа лшарак ыҟамызт.
Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахит маҷк, Аԥсуа бызшәа афонд абзоурала. Иҭрыжьуа иалагеит асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы шәҟәқәа, аха ирласны инҵәон, иаазхәоз рхыԥхьаӡара ахьырацәаз азы. Ахәыҷтәы аԥсуа шәҟәы даара актуалра змоу хырхарҭоуп иахьагьы. Уи шьақәлырӷәӷәоит анкьа "Аԥснышәҟәы" захьӡыз аҳәынҭқарратә еилакы ахада, иахьа иусдкылаҩу, адәқьан "Амцабз" аиҳабы Манана Кәыҵниаԥҳа. Лара ишазгәалҭо ала, ахәыҷтәы шәҟәқәа ирыдҵаало рацәаҩуп, аха иахьазы лыдәқьан аҿы аахәаҩцәа ирыдылгало акгьы лымам. "Анкьа, аԥсуа бызшәа афонд аныҟаз аахыижьҭеи акгьы ыҟаӡам", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа. Иарбан шәҟәқәоу аҭаацәа зызҵаауа ҳәа санлазҵаа, исалҳәеит еиҳаракгьы "хшыҩзышьҭра зырҭо алакәқәа, алегендақәа, насгьы, абызшәа бзианы иззымдыруа ахәыҷқәа ирыхәаша ашәҟәқәа роуп", - ҳәа.
Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2020
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…
Ажәакала, аҭаацәа ашьҭоуп ахәыҷы ашкол дҭалаанӡа абызшәа ирҵаразы рхы иадырхәаша. Ашәҟы аҭира акыршықәса знапы алаку Манана Кәыҵниаԥҳа ишазгәалҭо ала, аахәаҩцәа аҭирҭаҿ ишыҟам рбо ианалага, азҵаарагьы иаҟәыҵит.

Есышықәса жьҭаара 27 рзы Аԥсны иазгәарҭуеит аԥсуа бызшәа амш. Исыздыруам ари арыцхә залху, аха ахәыҷтәы литература аҭыжьра ахьаанкылоу, насгьы аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара ахьамами ҳаԥшны иаҳҳәозар, уи аныҳәа лахьԥыракыгоуп.

Абри азҵаатәы алацәажәаразы, иахәҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны аҭел сизасит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи аминистрра иадҵоу, Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аилак ахада Баҭал Хагәышь. Ачынуаҩ имӡакәан иҳәеит, ҩышәықәса раахыс, акгьы шрызҭмыжьыз.
Иахьатәи андуцәеи анацәеи рхатәы бызшәа ахьырзымдыруа, издыруагьы ирхылҵыз иддырҵарц ргәы излаҭам ала, шықәсык ахь знык аԥсуа бызшәа амш ҳәа имҩаԥаҳго аусмҩаԥгатәқәа алҵшәа ду ҳарымҭар ауеит. Мзызс иҟазаалакгьы, Аԥсны абызшәатә политика ахьысҳара дуқәа аныԥшуеит.
Ҳазҭагылоу аамҭазы, иҿыцу ахәыҷтәы литература ацәаара ҳамбо ҳалагеит. "Амцабз" захьӡу ашәҟәҭирҭаҿы, иахьазы хәыҷтәы шәҟәы цырак ыҟам. Манана Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭоит: "Иазҵаауа рацәаҩуп, аха иаҳмоуижьҭеи маҷ ҵуама", - ҳәа. Аҟәа Аиааира апроспект аҿы иҟоу егьи ашәҟәыҭирҭаҿы иқәгылоуп акык, ҩбак, аха рхыԥхьаӡара рацәоуп узҳәом. Смаҭацәа рзы уаҟа изгеит инханы иҟаз 2012, 2015, 2016 шш рзы Аԥсуа бызшәа афонд иҭнажьыз Б. Шьынқәба иҩымҭақәа "Иаирума", "Аҩра ҳҽазыҟаҳҵоит", "Аԥсуа лакәқәа" "Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы". Инханы иқәгылоу ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Аҭиҩцәа иазгәарҭоит аҿыцқәа шырмоуа.
Девушка читает книгу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Ажанр маҷқәа раамҭа: асоциалтә ҳақәеи ашәҟәи реиндаҭлара иазкны
Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа ахада Даур Наҷьҟьебиа ишсеиҳәаз ала, дара ируалу аклассикцәа рҩымҭақәа рҭыжьра ауп. Ахәыҷтәы литература аҭыжьра анкьатәи "Аԥсуа бызшәа афонд" иадҵан.
Ишыжәдыруа еиԥш, уи афонд иахьа Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иалоуп. Избан изыхҟьозеи ахәыҷтәы литература аҭыжьра аанкылара ҳәа азҵаатәы исҭарц аҭел сыззасыз Баҭал Ҳагәышь "Имазеины иҳамоуп иҭҳажьша - Алықьса Гогәуа еиҭеигаз "Пиноккио ихҭысқәа", "Адунеи жәлар рмифқәа", акарточкақәа, "Иссиру ашьҭыбжьқәа" уҳәа. Еиқәҵаны иҳамоуп ирацәаны, аминистр иҿы ишьҭоуп апроектқәа зегьы, аха инапы аҵаҩӡам". Ҳагәышь ишазгәеиҭо ала, аԥара аиҳабыра иазоурыжьхьеит, аха анапаҵаҩра ахьыҟам азы, ишьақәхеит апроектқәа. Ари азҵааразы сидҵаалт асоциалтә ҳа абзоурала аминистр Инал Габлиа. Иара даара иркьаҿны аҭак сиҭеит ашәҟәҭыжьра ианалаго азы "Ҽааны акәхап"...
Апандемиагьы пандемиоуп, аха ашәҟәқәа еиқәыршәазар, аԥара азоужьзар, иаанкыланы изыҟоу философиас иаҵоу аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, шәара еилышәкаазар, саргьы еилыскааит. Ахәыҷтәы литератуара арҿиара ашәҟәыҩҩцәа зегьы ирықәҿиом, аха мҩашьарада иаҳдыруеит Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба, Валери Касланӡиа, Рауль Лашәриа уҳәа, аҳәыҷқәа рзы аҩымҭа ҟаимаҭқәа аԥызҵахьоу шыҟоу. Акы заҵәык, еиҿкааны урҭ рҭыжьроуп иаҭахыу. Иҭыжьлатәуп иара убас, ихәыҷӡақәоу рзы, асахьақәа рыла еиқәыршәоу, аԥсуа ԥсабара аазырԥшуа, алексика арҵаразы иманшәалоу ашәҟәқәа.
Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2020
Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп
Абызшәа аҿиаразы ахырхарҭақәа рацәоуп, аха урҭ зегьы ираԥхьагылазароуп ашәҟәы. Сгәанала, ашәҟәҭыжьра џьарак еидкылазароуп, аклассикцәа ртәы џьара, зыԥсы ҭоу ртәы хазы, ахәыҷқәа ртәы даҽаџьара аус арблаҟьоит. Ари аидеиа дақәшаҳаҭуп Аԥсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа адиректор Даур Наҷҟьебиа. Анкьа асовет аамҭазы ишыҟаз еиԥш, зегьы шәҟәҭыжьырҭак аҿы еидкылазар ушԥахәаԥшуеи ҳәа саниазҵаа: "Исҳәон, аха иадымгылеит уаанӡа",- иҳәеит ашәҟәҭыжьҩы Наҷҟьебиа. Иара иазгәеиҭеит: "Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аԥырҵеит, арахь ахәыҷтәы литература ҭыҵӡом", - ҳәа. Ашәҟәыҩҩы, ашәҟәҭыжьҩы Наҷҟьебиа иҳәеит ишимоу агәҭакы, ахәыҷтәы литература аҭыжьразы. "Ҽаантәи аплан аҿы иасырбарц сгәы иҭоуп, иҳарҭо аԥарагьы маҷк убрахь исышьҭырц сҭахыуп. Иҟазҵода ҳара иҟаҳамҵар? Адуцәа ԥыҭҩык ртәы иахыхны иҟасҵоит", - иажәа хиркәшеит абри ала иара.
Ашәҟәы аӡбахә ҳаналацәажәо, игәаҳамҭарц алшом, иааидкыланы ашәҟәыҭиреи аԥхьареи рыҩаӡара шкаҳаз. Асовет аамҭазы, қалақьцыԥхьаӡа, раион цыԥхьаӡа, уимоу қыҭацыԥхьаӡа иҟан ашәҟәыҭирҭақәа. Аибашьра ашьҭахь иаанхаз маҷуп. Манана Кәыҵниаԥҳа илҳәеит иахьа Аҟәа ишыҟоу адәқьанқәа 4, иара убас, Гәдоуҭа акы. "Егьырахь, Гагра, Тҟәарчал уҳәа дәқьанкгьы ыҟам", - лҳәоит Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә афонд аихабы Гәында Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2017
Арадио
Гәында Қәыҵниаԥҳа: абызшәазы афонд аԥышәа бзиа аиухьан аусуразы
Шәазхәыц ҳаамҭазы шьаҿацыԥхьаӡа афатәи амаҭәақәеи рыҭриҭақәа, асасааирҭақәа акәыкәбааиԥш ианрызҳауа, ҳреспубликаҿы зынӡа ашәҟәыҭирҭақәа 5 роуп иҟоу. Аҟәатәи ашәҟәыҭирҭақәа руак аҿы ихәаахәҭуа исалҳәеит, атуристцәа даара ишашьҭоу ҳашәҟәқәа раахәара. Ииашоуп, дара урысышәала иҩу ауп изышьҭоу¸ аха ус акәзаргьы, қалақьцыԥхьаӡа изыҟами Аԥсны иазку ашәҟәқәа ахьырҭиуа адәқьанқәа?! Аматериалтә бзазара мацара ашьҭазаара акультура ахыԥша аԥсасироуп иаанаго.
Аԥсуа бызшәа амш ҳәа есышықәса ҽаҩраҭагалан имҩаԥаҳго алҵшәа ҳнаҭаӡом, ахәыҷқәа ааӡара рызҭо, рбызшәа зырбеио, сахьала иҩычоу ашәҟәқәа ҳадәқьанқәа рҿы ианыҟамла.
Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0