Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҟны атоннельқәа ирыцу ашәарҭара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҟны атоннельқәа ирыцу ашәарҭара иазкны
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аҩхааҟны атоннельқәа рҭагылазаашьа атәы, урҭ шәарҭарас ирыҵоу, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа.
"Атоннельқәа акы аура 420 метра иҟоуп. Иара зынӡа ибго ҳәа иҟам, аха азганк аӡы алсуеит иаҳа-иаҳа иҷҷоит убри иахҟьаны ашәарҭара ыҟоуп. Идуу атехника аныҵалалак ибгар алшоит. Аҳәынҭқаррахь иаҭаху ақьаадқәа зегь ҟаҳҵахьеит. Акомиссиа ахәаԥшхьеит, ахәгьы рҳәеит, аха ари хышықәса ҵуеит шьҭа ус иҟоижьҭеи. Анцәа ҳихьчоит ауп. Иҟаз амшцәгьақәа ақыҭахь амҩақәа зынӡа иаӡәӡәеит. Лаҭа икаҳаз аверталиот аҿы иҭахаз ирызкыз абаҟа агеит. Агәам ықәаҳгахьеит, уажәы ашьапқәа ҭарҭәаны иаҳзықәыргылозар ҳәа ҳаҿуп. Аха еиҳарак иуадаҩраны иҳамоу атоннель ду ауп. Иара иааиуа ашықәс аинвестпрограмма иалоуп ҳәа адырра сымоуп. Ҳбиуџьет ала уи аус аиҿкаара даара акраҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьонуа.
Џьонуа иажәақәа рыла атоннель ҭызҵаауаз аспециалистцәа ирҳәеит, амашьына дуқәа рымҩасра аанкылазарц, аха уи иҟамло усуп. Арахь иаауеит абнанхамҩа аусзуҩцәа, аҳәаахьчацәа, амҩа аркышьа амаӡам, ҳәа еиҭеиҳәеит Ажара ақыҭа ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0