Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит

© SputnikНовые автобусы в Гудаутском районе
Новые автобусы в Гудаутском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха, ԥхынҷкәын 31 рзы, ауаажәларратә транспорт хкқәа зегьы аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиԥҟьарада, хәыда-ԥсада иныҟәалоит. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит ақалақь ахадара, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Иазгәаҭоуп автобусқәа аус шыруа асааҭ 23:30 рҟынӡа. Ҩ-автобуск ныҟәалоит "Алашарбага-Каштак" ахырхарҭала, хԥа - "Аҳабла ҿыц-аџьармыкьа". Аамҭак ашьҭахь асааҭ 00:20 инаркны 01:00-нӡа автобусқәа русура иацырҵоит, ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ԥхынҷкәын 31 рзы ахырхарҭақәа зегь рыла атроллеибусқәа хәыда-ԥсада иныҟәалоит асааҭ 22:00-нӡа. Анаҩс, х-сааҭк рышьҭахь 01:00 инаркны ажьырныҳәа 1 2022 шықәса асааҭ 04:00-нӡа атроллеибусқәа русура иацырҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0