Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аенергетика аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русецура азҵаатәы иалацәажәеит Озгани Грабчаки

© Sputnik / Томас ТхайцукКристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки реиԥылара мҩаԥысит Москва аҩаша жәабран акы азы.
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Кристина Озгани Евгени Грабчаки ирылацәажәеит аенергетика аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русецуразы ихадоу азҵаатәқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Ахәҭакахьала иазааҭгылан, Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа афымца.
Атәыла Аекономика аминистрра апресс-маҵзура аҟны ишазгәаҭоу ала, Озгани Грабчаки алацәажәеит 2022 шықәсазы ауснагӡаҿ иарбоу Аҟәа афымца ахархәаразы акоммерциатә аҳасаббара апрограмма ашьақәыргылара алыршара.
Иара убасгьы, ишьҭыхын азҵаара аҿыцрақәа злагалатәу аенергетикатә инфраструктура.
Дмитрий Вольвач - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Аԥсны
Вольвач: Урыстәыла усдҵаны иамоуп Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәара
Ажәабжьқәа зегьы
0