Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчал араион ахәҭак фымцалашарала еиқәыршәоуп

© SputnikЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Анапаҵаҩра
Тҟәарчали Тҟәарчал араион ахәҭеи аԥшьаша, жәабран 3 азы лашарада иаанхеит.
АҞӘА, жәабран 4- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иҷыдоу аҭагылазаашьа ахсаалала Тҟәарчал араион ахь афымцалашара нашьҭуп, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Араион егьырҭ ахәҭақәа рҿы алашара аныҟало атәы макьаназ иазгәаҭам. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" амашәыр ашьҭахь ицәеит. "Амшынеиқәафымцамч" иазгәанаҭеит амаругақәа ааха ӷәӷәа шроуз. Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" аиҩкаақәа руак аусура еиԥҟьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0