Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Володин аҳәамҭа ҟаиҵеит Зеленски Украина далҵны дцеит ҳәа

© AFP 2023 / SERGEI SUPINSKYВладимир Зеленский
Владимир Зеленский - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
ДЖәРи ЛЖәРи аруаа урыстәылатәи ар рыцырхрааны УАМ рҟынтәи аилынхарҭақәа рхы иақәиҭыртәуеит. Арратә аоперациа ҷыда жәабран 24 раахыс имҩаԥысуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 4– Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски атәыла ааныжьны Польшаҟа дцеит, абри атәы Telegram аҟны иҩуеит Урыстәыла Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин.
"Зеленски Украина аанижьит. Иреиҳаӡоу Арада адепутатцәа ирҳәеит атәыла ахада иахь Львовҟа ишзымнеиз. Уажәшьҭа иара Польша дыҟоуп", - ҳәа иҩуеит Володин.
Уаанӡа, Зеленски атәыла ауааԥсыра рахь иҟаиҵаз авидеоааԥхьараҟны иҳәеит, "Урыстәыла ар зегьы Украина иагәыдҵоуп ҳәа".
Урыстәыла имҩаԥнагоит Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы иҷыдоу арратә операциа Донбасс ауааԥсыра реиқәырхаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0