Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Кремль НАТО атәылақәа Украина "рҭынчреиҿкааратә миссиа" иҵоурамкәа иазыҟоуп

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды Москвы
Виды Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
НАТО атәылақәа украинатәи арежим иацхраауеит абџьар, аџьаԥҳаны рынашьҭрала, иара убасгьы ртәылауаа ари аимак аҿы қьырала иахьеибашьуа рымбошәа ҟарҵоит.
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Урыстәыла НАТО атәылақәа Украина "рҭынчреиҿкааратә миссиа" иҵоурамкәа иазыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ари аҭагылазаашьа Кремль иҵоурамкәаны ишахәаԥшуа атәы иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ивидеоааԥхьараҿы. Анҭыҵынтәи арратә операциа ҷыда ахалархәра атәы даналацәажәоз", - ҳәа иҳәеит Песков.
Уаанӡа ЕАР аҿы ЕАА ахаҭарнак аҳәамҭа ҟаиҵахьан Вашингтон асолдаҭцәа Украинаҟа рынашьҭра агәы ишҭам. Убри аан Аштатқәа абри аҩыза Аҩадаатлантикатәи алианс атәыла-лахәылацәа рхадацәак иадыргалар, ишрыдгыло азы. Алианс аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, атәыла-лахәылацәа рук иақәлар, атәыла-лахәылацәа зегьы ирықәлеит ҳәа аанагоит.
Жәабранмза 24 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы.
"Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа иҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла иаҳәеит ацхыраараз", - ҳәа азгәеиҭеит иара. Песков иҳәеит, Москва Украина абашьра агәы ишҭам, ирҭаху уи абџьарахыхра шакәу.
Отправка курсантов полка Азов в зону конфликта на юго-востоке Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҿы ирҳәоит украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ауаа дыргәаҟуан ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0