Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәлымба ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа рзы: аицәажәарақәа цоит рыцҵаразы

Шәлымба ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа рзы: аицәажәарақәа цоит рыцҵаразы
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит макьаназы ауаажәларратә транспорт аҟны ахәқәа шышьҭырымхыц.
Ауаажәларратә транспорт ахәԥса аиҭакра шалагаламгьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы иуԥыло иалагеит амашьынарныҟәцаҩцәа рхатәгәаԥхарала ахәқәа шышьҭырхуа. 20 мааҭ ашәара иахьа иақәгәыӷуа ауаҩы 30 мааҭ ишәараны дзыҟои? Аҳәынҭкарра ари аус иабанӡацклаԥшуа? Абарҭқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы арадио аефир аҟны.
"Иахьатәи амш азы апассаџьырцәа рзы иаԥҵаны иҟаз, иршәоз ахә инахыҳәҳәо ҳәа азин ҳазҭо қьаадк ҳмоуӡацт, ишьақәыргыланы иҟаӡам даҽа тарифқәак. Иахьазы атроллеибус апассаџьыр хә-мааҭк ишәоит, автобус аҟны -10 мааҭк, амикроавтобус Аҟәа аҩнуҵаҟа -20 мааҭ, уи инеиҳаны макьана акгьы шьақәыргыланы иҟаӡам. Убри аан, иумҳәар ауам, ԥыҭраамҭак аицәажәарақәа цоит ахә ацҵара, хымԥада, изымуа усуп иахьатәи аҭагылазаашьаҟны", - иҳәеит Шәлымба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0