Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура хада "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу ишыршәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Леон Адлейба Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал рықәуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, ахатәы фирмақәа, хаҭалатәи анаплакыҩцәа.
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу анаплакқәа ишыршәо азы изаамҭанытәим агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура асаит.
2022 шықәса хәажәкырамза аахыс апрокуратура имҩаԥнаго ашьаҿақәа ирыбзоураны 4,9 миллион мааҭ рыхә ауал рылгоуп.
Анаплак маҷқәа рнапхгаҩцәеи хаҭалатәи анаплакҩцәеи руал ршәарц азы агәаҽанызаара рыҭан.
Азакәан анагӡаразы ахылаԥшратә усбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит, урҭ алҵшәақәа рыла закәанла иарбоу ашьаҿақәа рыдыркылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0