Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кьалашәыр аӡиас шьҭыҵит илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны

© Foto / МЧС Абхазии архив
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2022
Анапаҵаҩра
Амшцәгьа аӡәгьы ааха инамҭеит, аха Кьалашәыр аӡиас ахыҵра иахҟьаны амҩа ықәныӡәӡәааит.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Кьалашәыр аӡиас шьҭыҵит илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Иажәақәа рыла аӡы ихықәгылоу аҩнқәа ааха рмоуӡеит. Аха аӡиас ахьышьҭыҵыз иахҟьаны Кьалашәыр ақыҭахь уназго амҩеи аӡкыреи ықәныӡәӡәааит. Араион анапхгара макьаназы иҟоу аԥхасҭа ахәшьара рзаҭом, аӡиас шьҭыҵны иҟоуп азы.
"Иуадаҩу зҵаароуп аӡкыра. Хәҭак ԥхасҭоуп, уи иахҟьаны аӡы амҩа ианылеит. Иара хымԥада иҟаҵатәуп, избан акәзар, аӡиас шьҭыҵцыԥхьаӡа ауаа ирыҵалалоит, амҩа аԥхасҭа анаҭалоит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аӡиас шеиқәтәалак аӡкыра аиҭашьақәыргылара иалагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0