Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Коӷониа зылшарақәа ԥку атуристцәа Аԥсныҟа рааразы: ҳаздыруа бзиа ирбоит арахь аара

Коӷониа зылшарақәа ԥку атуристцәа Аԥсныҟа рааразы: ҳаздыруа, бзиа ирбоит арахь аара
Анапаҵаҩра
Аԥсшьараз аҭагылазаашьа ҳәа кыр рзаԥҵоума Аԥсны иҷыдоу азнеишьа зыхәҭоу ауаа, иаауа ыҟазар, раамҭа шԥархыргои, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, зылшарақәа ԥку рзы асасааирҭа еиҿкааны измоу Руслан Коӷониа.
Ԥшьышықәса ҵуеит Руслан Коӷониа ауаа зегьы рзы, зылшарақәа ԥкугьы уахь иналаҵаны, асасааирҭа еиҿкааны имоижьҭеи.
"Аҳаирбаӷәазаҟынтә ҳарԥылан иааганы асасааирҭа иҩнаҳҵоит. Ауадақәа рыҩнуҵҟа зегьы маншәаланы иҟоуп, аӡы иҭалартә еиԥш алшара рзаԥҵоуп. Бзиа ирбоит арахь аара. Шьҭа ирдыруеит аӡбахә, Аԥсны ишыҟоу ус еиԥш аҭыԥ. Иара убас иҟоуп аинклиузивтә турқәагьы. Досу илшара баны идаагалоит ишьашәалоу. Риҵаҟа иаагоит, ашьхаҟа, амшын аҿы аԥсыӡ ҳкхьеит. Аханатә аӡыргаразы акәын еиҳарак аус шаҳуаз. Уажәы аԥхынра ааиаанӡа аҭыԥқәа ҳҭиуеит. Аҭааҩцәа ҳамоуп аӡынгьы, бзиа ирбоит ашықәс ҿыц ара аԥылара, иԥхарроуп, асы ыҟаӡам", – ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.
Аиҿцәажәараҿы Руслан дазааҭгылеит зылшарақәа ԥку рзы амшын аҭаларазы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, иҳәеит ауаҩы аӡы дызлаҭало дызлаҭыҵуа азы иҷыдоу амаругақәа шаҭаху. Иара амшын аԥшаҳәаҟынӡа дназго амҩахәасҭақәагьы шыҟаҵалатәу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0