Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
 Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит нанҳәа 5 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Асахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны илагаламҭа ду, ипрофессионалтә ҟазара ҳаракы рзы Амиран Сардион-иԥа Адлеиба ианашьазааит "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы " ҳәа аҳаҭыртә хьӡы", - аҳәоит Аусԥҟа.
Амиран Адлеиба асахьаҭыхҩы-аҿыханҵаҩ, аскульптор–монументалист, Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа аиҳабы аҵыхәтәантәи иусумҭақәеи раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба ибаҟеи рзы ианашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2015
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу
Ажәабжьқәа зегьы
0