Ҟәбан 500 инареиҳаны акоронавирус хҭыс аадырԥшит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение Covid-19 в больнице города Котовска
Лечение Covid-19 в больнице города Котовска - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҿкы рыдбалоуп 100 000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара 4713-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Ҟәбан акоронавирус 524-ҩык ирыдбалоуп, аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб.
Ичмазаҩхаз рахьтә 313-ҩык ҳәсақәоуп, 211-ҩык хацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 33-ҩык хәыҷқәоуп. Аҿкы зыдбалоу иреиҵыбӡоу ԥшьымз ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 91.
Краснодар аҿкы рыдбалоуп 194-ҩык, Шәача- 56-ҩык, Новороссиск-33-ҩык, Анапа-31-ҩык.
Апандемиа аамҭазы алабораториақәа рҿы имҩаԥыргахьеит 700 000 ҭҵаара, иаадырԥшхьеит 267 901 коронавирус хҭыс.
Ргәы бзиахахьеит 254 326-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 10 981-ы. Иахьатәи амш азы амбулатортә хәшәтәра иахысуеит 3007-ҩык, COVID-19 рыманы аҩны иҟоуп 233-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0