Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аилахара ду ыҟоуп": Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым аепидҭагылазаашьа дахцәажәеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 на базе перинатального центра ГКБ №67
Госпиталь COVID-19 на базе перинатального центра ГКБ №67 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Анапаҵаҩра
COVID-19 еиҭа аҽцәырнагеижьҭеи, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәшахьы раԥхьатәи ачымазаҩ днаргеит ԥхынгәы 15 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҿкыратә ҟәшаҿы мызк аҩнуҵҟала акоронавирус змаз 110-ҩык ачымазцәа ацхыраара рырҭахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-ареаниматолог Ангелина Калинина.
Лара лажәақәа рыла, макьаназ ачымазара аҽеиҵнахит ҳәа узҳәом, аха ишьҭызкаауа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Мышкы ахы-аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа рыдҵаалоит.
Калинина илҳәеит уажәы коронавирус аимҳәа ишеиԥшу. Ачымазцәа ршоура +40 градус рҟынӡа ихалоит, аларҟәрагьы уадаҩуп. Авирус уадаҩрак узцәырнагом, апациент астационар аҿы ҩымш-хымш дынхоит, ишоура тәаанӡа лҳәеит лара. Иҟоу астатистика ала, уахь инеиуа рҟынтәи 70 процент уаанӡа ачымазара рхыргахьан, 50 процент алаҵа ҟарҵахьеит.
"Ахәышәтәратә протокол аҽаԥсахит –антибиотикқәа шамахамзар илаҳҩаауам, имаҷуп агормоналтә препаратқәа рхархәарагьы. Аиҳарак акапельницақәа, алаԥсраҿагыларатә хәшәқәа, аинфузиатә терапиа ҳхы иаҳархәоит. Ачымазара шәарҭоуп ахәыҷқәа рзи зықәра дуу рзи. Урҭ рҷаҷа, ршьа-рда, рыхшыбаҩ анырра анаҭар ҟалоит", - лҳәоит Калинина.
Аҟаза иазгәалҭеит ахәшәтәырҭаҿы аиҵбыратәи абжьаратәи усзуҩцәа шрызхо, аха аҳақьымцәа шмаҷу, аҷаԥшьаҩцәагьы убрахь иналаҵаны. Аҟәшаҿы аус зуа х-ҳақьымк роуп лҳәеит лара.
"Ауаа рацәаны иҳадҵаалоит, ҽнак 20-ҩык рҟынӡа ишьҭаҵатәу ҳзаауеит. Урҭ зегьы ирыхәаԥштәуп, рҭыԥ иқәҵатәуп, ахәшәқәа рзыҟаҵатәуп, уи ахьӡара мариам", - лҳәеит лара.
Аҳақьым еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ишьҭоу ачымазара шырхырго атәы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2022
Арадио
Аҳақьым еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ишьҭоу ачымазара шырхырго атәы
Аҳақьым ауаа ирабжьалгоит ршоура рызмыртәозар, рымчқәа каԥсаны иҟазар, рыхлахаҵ гьежьуазар, рԥынҵа еихачызар, рыхәда рыхьуазар, аԥхӡы рацәаны ирылҵуазар, аҳақьымцәа ирыдҵаалаларц. Калинина иара убас ауаа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ачымазара рҽацәырыхьчаларц азы ацқьара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, рнапқәа рыӡәӡәаларц, ауаа рацәаны иахьеизо имнеиларц, асабрадақәа рҿарҵаларц, ичмазаҩу ауаа рааигәара имнеиларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0